Амҩеи амашьынаргыларҭатә ҭыԥи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аҳҭнықалақь аполиклиника № 1 иахьаҵанакуа ахҵәахаҿы (Ӡиӡариа имҩа 20).
Амуниципалтә унитартә наплакы «Горстроипроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа излаиҳәаз ала, уаанӡа ари аҭыԥ аҿы иԥсабаратәым аҭаҟәаҭаҿара рҽеин ашьаҟамҩатә хыҵырҭа рҿыцын.
«Иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп ашьаҟамҩа аиҭашьақәыргылара, Ӡиӡариа имҩа ахәҭак аҿы аҵыргәатә ҭӡы хаҳәла ачаԥара», - ҳәа азгәеиҭеит Ԥиԥиа.
Уаанӡа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аԥхьа аиҭашьақәыргылара мҩаԥган: ашьаҟамҩақәа рҿы ахаҳә ықәырҵеит, ахәышәтәырҭа аԥхьа иҟаз аҵакыра ҭадырҭәеит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны Ӡиӡариа имҩаҿы атранспорт аныҟәара хәҭа-хәҭала иуадаҩуп. Ақалақь ахадара амашьынарныҟәцаҩцәа агәҽанызаара аадырԥшларц рабжьыргоит, иҟоу ауадаҩрақәа еилкаарала иазнеирц ирыҳәоит.
