Ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала ааигәа-сигәа иҟаз аҭыԥ дрыцқьеит. Аԥхын аҳаскьын ахымиаарц, аныҟәараз маншәаланы иаанхарц азы амҩа ахаҳәырҷҷа ақәрыԥсеит.
Уи адагьы адәахьтәи алашарабагақәа дырҿыцит. Уи Дальскаиа амҩаҿы ахәылԥазы анеи-ааира шәарҭамкәа, еиҳа иманшәаланы иҟанаҵоит.
