Print this page
25.Жьҭаара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ ПИЦУНДА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АДӘҚЬАНҚӘА РУАК АҾЫ АКОНТРАБАНДАТӘ ААЛЫҴ АМХРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 23, 2022 шықәса рзы аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазылхратә еилагарақәа рҿагылара аҟәша аусзуҩцәа Пицунда ақалақь аҿы аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан афатәҭирҭа адқьан гәарҭеит.  

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, агәаҭара аан иԥшаан, анаҩс ирылхын 38 цыра рҟынӡа иҟоу Қырҭтәыла абираҟи ахсаалеи рыла ишьақәгылаз ақырҭуа символика зныз, аконсерв зҭаз абанкақәа.  Иарбоу аалыҵ уаанӡа иҟоу аҳазылхратә закәанԥҵара аилагарала Аԥсны иааган.

Иарбоу административтә еилагара азы аматериалқәа аусеилыргара аҳәаахәҭара ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵахеит.


Read 373 times - Аҩаша, 25 Жьҭаара 2022 17:13