Print this page
сегодня 18:37

Ешсоу Дочиеи Геннади Ҵулаиеи Жәлар Реизара адепутатрахь рканди- датурақәа ашәҟәы иҭаргалеит

Алхратә комиссиа хада Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатцәас ашәҟәы иҭанагалеит:
Дочиа Ешсоу Исидор-иԥа – алхырҭатә ҭыԥ хада №34 (Тҟәарчалтәи аҩбатәи), Ҵулаиа Генади Виачислав-иԥа – алхырҭатә ҭыԥ хада № 30 (Кәтолтәи).

Ашәҟәҭагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит мшаԥымза аказы, алхратә комиссиа хада аилатәараҿы.

Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа №30, №34 рҿы Жәлар Реизара адепутатцәа реиҭалхрақәа мҩаԥгахоит мшаԥымза 18 рзы.


Read 40 times