Print this page
03.Мшаҧы.2026

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рцәыргақәҵа иаҭааит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҳҭнықалақь аҿы аҭыԥантәи аарыхыҩцәа реихьӡарақәа рекспозициа иаҭааит.

Асасцәа дахьқәа ахшыҩзышьҭра арҭеит адизаинер ҿарацәа рцәыргақәҵа. Урҭ ирыдыргалеит аԥсуа традициатә мотивқәеи ҳаамҭазтәи аҿыцрақәеи ахьеицааиуа амилаҭтә маҭәа.

Апроектқәа равторцәа еиҭарҳәеит аескизқәа раԥҵара аҭоурыхи аматериалқәа аус рыдуларазы акы иаламҩашьо атехникақәеи ртәы.

Ацәыргақәҵа агәаҭараан Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭыԥантәи аарыхыҩцәа раалыҵ иахәаԥшит, хаҭала аԥснытәи анаплакқәа ртауарқәа гәарҭеит, урҭ рхаҭабзиара шыҳараку, ргьама шыхаау азгәарҭеит.


Read 732 times - Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 22:56