Print this page
вчера 22:50

Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз Даӷьсҭан азы агуманитартә цхыраара азнархиоит АҶА

«Уажәазы иаздырхиахьеит 20 тонна аӡыржәтә зҭоу аидара мҩангага машьынақәа ԥшьба. Иахьа аидарақәа реиқәыршәара хыркәшаны Даӷьсҭанҟа ҳдәықәлоит. Аҭыԥ аҿы ҳаннеилак аилацәажәара мҩаԥаагахоит, еилкаахоит ԥхьаҟатәи аусқәа рыплан», – иҳәеит АҶА ахада аԥыза-министр иҟны имҩаԥысуаз аилацәажәараҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, атрагедиазы аинформациа шиоуз еиԥш Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба АҶА анапынҵа аиҭеит, урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымардарц, ирҭаху ацхыраара еилыркаарц.

«Сара Даӷьсҭан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр сыҽимаздеит. Уажәтәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Аԥсны Ахада инапынҵала ажәалагала ҟасҵеит ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы аволонтиорцәа ргәыԥ ареспубликахь инашьҭызарц», — ҳәа адырра ҟаиҵеит Лев Кәыҵниа.


Read 62 times - Аҩаша, 07 Мшаҧы 2026 17:07