Уаҟа ицәыргоуп амшаԥы иадҳәалоу еиуеиԥшым ахаақәа, иара убас атематикатә цәашьқәеи анышәаԥшьӡы иалху аалыҵқәеи. Аусмҩаԥгатә иаҭааит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи аҳҭнықалақь ауааԥсыреи.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Инар Ладариа аиҿкаара аҩаӡареи аалыҵ ахаҭабзиареи ахә ҳаракны ишьеит, ацәыргақәҵа амҽхак акыр ишеизҳаз азгәеиҭеит.
«Ари аус анхацҳаркуаз алахәылацәа 15-ҩык ракәын иҟаз, иахьа урҭ рхыԥхьаӡара 80 рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.
«Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳҭыжьыҩцәа ирыдгылоит, ирыдгылан, аринахысгьы ирыдгылазаауеит. Зегьы убриаҟара иԥшӡаны, иссирны иҟарҵеит, акы алкаара сцәыуадаҩуп» , иҳәеит Ладариа.
Иара алахәылацәа рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, атәылауаа иааиуа аныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ацәыргақәҵа аус аулоит асааҭ 18:00-нӡа.
