Print this page
11.Лаҵара.2026

Гәдоуҭа ихыркәшахеит абокс азы IX Жәларбжьаратәи атурнир

Гәдоуҭа ихыркәшахеит СССР аспорт азҟаза, Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Роман Чыргбаиа игәалашәара иазку абокс азы IX Жәларбжьаратәи атурнир.

Аԥсни, Беларуссиеи, Ҟазахсҭани, Урыстәылеи, Узбекистани рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа рзы иқәԥон.

Аԥснытәи абоксиорцәа рыбжьара аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит: Гор Апозиан, Альберт Роганиан, Давид Аиба, Асхан Инаԥҳа, Макар Апозиан, Давид Џьоџьуа, Леуарса Аџьынџьал, Даниель Багариан, Гьаргь Гындиа, Едгар Депелиан ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.


Read 329 times