Print this page
13.Лаҵара.2026

Аԥсны иҭаргалеит мичуринтәи афархьчықь раԥхьатәи аҽаҩра

2025 шықәса анҵәамҭазы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ақыҭанхамҩа аинститут аҵакыраҿы иҟоу аҭҵаарадырра-аарыхратә центр «Агропищепром» аусзуҩцәа мичуринтәи абаҳча ашьаҭа ркит.

Уаҟа наукоград аҵарауаа еиҭарҳаит адунеи аҿы раԥхьатәи афархьчықьқәа 80, урҭ ахкқәа ҷыдала асубтропикатә ҵакыраҿы ааӡаразы илган.

Лаҵарамзатәи аныҳәақәа рыламҭалаз мичуринтәи афархьчықь аҽаҩра барақьаҭ аанашьҭит. Ари ажәабжь наукоград аҵарауаа ирзеиҭеиҳәеит ааигәа Аҟәа мичуринтәи абаҳча иаҭааз Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, УАҭР академик Пиотр Чекмарев.

Афархьчықь ааглыхразы иуникалтәуп. Уи ашәыр иалырхуеит ахәшәқәа, иара убас аӡыхаақәа, ашәырӡқәа, аџьемқәа, ахаа-мыхаақәа, ахәыҷтқәа рзы афатә , иԥсабаратәу афҩырхаагақәеи ашәыгақәеи, иара убас аспорттәи афункционалтәи ҵакы змоу афатәқәа.


Read 744 times - Аҩаша, 19 Лаҵара 2026 08:10