Хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны атәылауаа атуристтә усхк иалахәуп, атәыла зегьы атуристтә аамҭахәҭа аҽазыҟанаҵоит. Абри атәы иҳәеит ТАСС аинтервиу азҭаз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, атуристтә усхк хыԥхьаӡара рацәала
атәылауаа злахәу аекономика аусхк хадақәа ируакуп.
«Ҳара еилаҳкаауеит атурист изы ихадароу аемоциақәа роуреи аԥсшьареи шракәу. Убри аан аԥсшьара шәарҭамзароуп, иманшәалазароуп», – иҳәеит Ахада.
Гәынба иазгәеиҭеит макьаназы аекономикаҿы иҟоу ауадаҩрақәа шырацәоу, аха атәыла шьаҿа-шьаҿала, етап-етапла атуристтә усхк аҿиарамҩа ишану».
Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала Аԥсны инанагӡахьо аҿы иаанымгылароуп.
«Аԥсны амшын аԥшаҳәаҿы мацара акәӡам аԥсшьарҭа ҭыԥ ахьыҟоу. Ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны аҵакыра абжеиҳара ашьхатә ҭыԥқәа ирымҽхакуп, иԥшӡоу иссиру аҭыԥқәеи аҳәырԥсаррақәеи роуп. Урҭ ҳхы иархәаны атуристцәа Аԥсныҟа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп», – иҳәеит иара.
