Print this page
вчера 0:05

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аиҳабыраҿы акадртә еиҭакрақәа ҟалар алшоит иҳәеит

«Аиҳабыра — ари адинамикатә ҟазшьа змоу еилазаароуп, аҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбаразы уи аҽарҿыцлароуп»,- иҳәеит атәыла ахада, ааигәа аилазаараҿы иҟалаз аиҭакрақәа дрыхцәажәо.

«Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп акыр шықәса аҭакԥхықәра зцу амаҵурақәа аанызкылоз сколлегацәа. Сгәы излаанаго ала аиҳабыра аԥсы зхоу амеханиз иаҩызоуп, ԥсыхәа ахьынӡамоу аҽарҿыцлароуп», — ҳәа ациҵеит.

Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра азыхиазар шакәу ҳауаажәларреи ҳҳәынҭқарреи рҿаԥхьа иқәгылоу актуалра змоу азҵаарақәа рыӡбара.

«Акадртә ԥсахрақәа хырԥашьа рымаӡам, иагьымҩаԥыслоит. Уи зегьы еилыркаауазароуп», - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.


Read 26 times