Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ргылахоит Аԥсны. Амемориал азы аҭыԥ алхра иадҳәало аусура атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Бадра Гәынба апресс-конференциаҟны.
Бадра Гәынба атәылауаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит афронт аҿы еибашьуа ирырҭо адгыларазы.
«Ҳџьынџьуаа иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп хатәгәаԥхарала еибашьуа иахьрыцхраауа азы. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашықәсқәа раан еиԥш, иахьагьы ҳаҷкәынцәа рыжәҩахыр еибыҭаны Иҷыдоу арратә операциа афронтқәа рҿы азеиԥш интересқәа рыхьчоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иҭахаз аибашьҩцәа рҭаацәа рцәыӡ иацу ахьаа шрыцеиҩыршо. Иара иажәақәа рыла, урҭ рфырхаҵара анаунагӡатәра аҳәынҭқарра иауалԥшьоуп.
«Дарбанызаалак аибашьҩы иҭахара атәыла азы харҭәаашьа змам цәыӡуп, трагедиа дуӡӡоуп. Аибашьра адәаҟынтәи изыхнымҳәыз ргәалашәара иазку абаҟа ашьақәыргыларазы аҭыԥ нықәырԥшны ишьақәҳаргылахьеит», - ҳәа иажәа хиркәшеит Бадра Гәынба.
