Атәыла анапхгара рыӡбарала ҳазҭоу ашықәс ақыҭақәа рыҿиара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит. Араионқәа реиҭарҿиара иазырхоу аԥшьгарақәа дрылацәажәеит ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Ԥерцхьелиа.
Аусбарҭа ахада иажәақәа рыла, атәыла зегьы аҿы ааԥынтәи адәынтәи аусурақәа мҩаԥысуеит, иахьа хықәкы хадас ирымоуп аҳауатә ҭагылазаашьа маншәалақәа ыҟанаҵ иахьынӡалшо лыҵшәа бзиала рхархәара.
Атәыла ахада идҵақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны анхацәа аматериал-техникатә цхыраара ду рырҭоит.
Ааԥынтәи аусурақәа еиԥҟьарада рымҩаԥгаразы аҳәынҭқарра араионқәа ақыҭанхамҩатә техника азы иахәҭоу абылтәы ала еиқәнаршәоит, уи иалнаршоит ианаамҭоу алаҵара. Иахьазы араионқәа жәпакы абылтәы роухьеит, уи апроцесс иацҵахоит.
Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада хаҭала ааԥынтәи аусурақәа рҽазыҟаҵара амҩаԥысшьа хылаԥшра шаиҭо, иахьа Аҳәынҭқарра шазыхиоу ақыҭанхамҩа знапы алаку зегьы адгылара рыҭара.
