Print this page
сегодня 23:28

Донтәи аберҭыԥ аҿы апостол Симон Кананит дыргәаладыршәеит

2026 шықәса лаҵарамза 23 рзы, апостол Ԥшьа Симон Кананит (Зилот) игәалашәара амш аҽны Донтәи ахацәа раберҭыԥ аҿы Анцәаратә литургиа мҩаԥган.

Анцәаимҵаныҳәара дахагылеит амитрополит Каширтәи Феогност. Иара идгылан аберҭыԥ аиеромонах Арсана, (Џьелиа) аиеродиакон Гьаргь (Аиба).

Анцәа иҳәон Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа злаз ауахәама аҭааҩцәа зегьы.

Здац-ԥашә Аԥсны иадҳәалоу анцәахаҵаҩцәа рзы ари амш аҵак ҷыда амоуп: апостол Симон Кананит жәытәнатә аахыс ари адгьыл жәҩантәи хылаԥшҩны дыԥхьаӡоуп, Аевангелие рылаирҵәон.

Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥысит иҭынчыз, аныҳәатә атмосфера ацны. Алахәылацәа агәыӷра аадырԥшит ари атрадициа бзиа ҳаԥхьаҟа ишацҵахо ала.


Read 31 times