Print this page
сегодня 23:30

Имҩаԥысит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьали аҵара аминистр Хана Гәынбеи русуратә еиԥылара

Аиԥылара азкын ҩымчыбжьтәи алагер амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.

Агәыҳалалратә фонд «Ахәыҷқәа рзы атәыла» апроект «Уаҵәашьҭахь» аҳәаақәа ирҭагӡаны алагер азыԥхьагәаҭоуп рашәарамза 1-14 рзы. Уи Гагреи Очамчыреи рраионқәа рҿы ашкол интернатқәа рҟны еиҿкаахоит.

Иара убасгьы ирылацәажәеит ахәыҷқәа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара, рҵареи рааӡареи рҭагылазаашьақәа реиӷьтәра иазку азҵаарақәа.

Џьынџьал аҵара аминистрра иҭабуп ҳәа алҳәеит активла адгылареи аусеицуреи рзы.

«Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа акы ауадаҩрақәа зхызгаз ахәыҷқәа рзы аҵак ду рымоуп. Ахә ҳаракны иаҳшьоит аҵара аминистрреи ҳареи ҳусеицура, агәра ганы ҳаҟоуп ҳусеицура ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ацхыраара иашаҵәҟьа рыҭара шалнаршо ала», — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьал.


Read 30 times