Шьишьилеҭи ақыҭа ииз Илиа Векуа НАУ раԥхьатәи ректорын. Аҵарауаҩ ихьӡ зху Гал апарк аҿы иаадыртит амемориалтә ӷәы. Апрограмма ахәҭа хадан аконференциа «Аҵареи аҭҵаарадырреи рыхьӡала: Илиа Векуа иҭынха». Аматематикцәеи, арҵаҩцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи академик иҭҵаарадырратә усумҭақәеи иидеиақәеи ҳаамҭазтәи аҵараҿы иааныркыло аҭыԥ иалацәажәеит.
Иара убасгьы иаатит Векуа иԥсҭазаареи сибратәи аҭҵаарадырра ашьақәгылареи ртәы зҳәо архивтә усшәҟәқәеи афотосахьақәеи рцәыргақәҵа. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ас еиԥш аиԥыларақәа аҵарауаҩ игәалашәара аиқәырхареи аҭҵаарадырратә еилазаарақәа реимадарақәа рырӷәӷәареи иацхраауеит.
