Print this page
29.Лаҵара.2026

Сергеи Багаԥшь: «Ихадоу уара ухы аԥхьа уаныԥхамшьо ауп»

Лаҵарамза 29 рзы 15 шықәса ҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи. Џьоукы рзы уи наунагӡа атәыла аҭоурых аҿы ахәҭа ҿыц аазыртыз напхгаҩны даанхоит. Даҽа џьоукы рзы зеиԥш маҷу ауаҩра злоу аӡәы иакәны, уи зегь реиҳа ахә ҳаракны ишьон ақьира, идгьыл гәакьеи иҩызцәеи рааигәа аҟазаара.  

Сергеи Багаԥшь аҭоурых данылеит зыԥсадгьыл азхаҵара азаазгаз хадак иаҳасабала, иара напхгаҩыс даныҟаз 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит. Ари амш ҳтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых азы даҟьа ҿыцны иҟалеит.

Ажурналистцәа Багаԥшь дыргәаладыршәоит зегь реиҳа иаартыз анапхгаҩцәа дыруаӡәкны: алафҳәашьа дақәшәон, акритика ҭынч идикылон, аԥхьагыла џьбара ихаҿсахьа дашьҭамызт.


Read 656 times - Ахәаша, 29 Лаҵара 2026 14:25