Print this page
01.Рашәара.2026

Нижни Новгородынтәи Аҟәаҟа иааиԥмырҟьаӡакәа апассаџьыртә реисқәа еиҭахацыркхеит лаҵарамза 30 рзы

Амҩангара алнаршоит авиаеилахәыра NordWind , «Икар» аус ацурала. Аԥыррақәа мҩаԥысуеит сабшала аҳаирпланқәа Embraer 190 рыла ҳәа аанацҳауеит Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа апресс-маҵзура.

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа адиректор хада Руслан Блиндиук иазгәеиҭеит аимадара арҿыцра амаршруттә ҳа арҭбаараҿы шьаҿаны ишыҟоу. Иара авиаеилахәырақәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аусеицразы.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи Москваҟа, Уфаҟа, Ханты-Мансиискҟа ареисқәа бжьоуп. Рашәарамза 3 инаркны Аминералтә Ӡқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ирымадзаауеит, рашәарамза 10 инаркны — Калуга.


Read 392 times