Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит абылрацәыхьчаратә ҟәшақәа русзуҩцәеи иара убас Очамчыра ақалақь абылрацәыхьчаратә хәҭа ирласы амедицинатә цхыраара аҭара амашьынеи. Аиқәырхаҩцәа раара аламҭалазы автомашьына «Ниссан» амца акхьан. Иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит. Урҭ рыԥсыбаҩ Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аԥсышьҭаҵарҭа ахь инагоуп.