Print this page
вчера 0:28

Аԥсны ашколқәа роушьҭымҭацәа 169-ҩык ААУ адкыларатә ԥышәарақәа рыда иҭаҵазарц азы абжьгара ҟаҵоуп

«Ашколхәыҷқәа ролимпиада "Аҳаракырахь амҩа-2026" иалахәын 628-ҩык 11-тәи акласс аҵаҩцәеи 100-ҩык ажәабатәи акласс аҵаҩцәеи. Сынтәа аолимпиада аформат ԥсахын. Раԥхьаӡа акәны хә-маҭәарк рзы аолимпиада алахәхаразы алшара рыҭан 10-тәи аклассқәа рҵаҩцәа.

Алҵшәа бзиақәа аадырԥшит 49-ҩык ақыҭа школқәа роушьҭымҭацәа. Уи ишьақәнарӷәӷәоит абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи рсистема атәыла зегьы аҿы аус шауа.

Аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи хыԥхьаӡарала иаҳа ирацәоуп Аҟәа ақалақь аҿи, Гагратәи Гәдоуҭатәи араионқәа рҿи.

Ашколхәыҷқәа ролимпиадаҿы аиааира ргеит 23-ҩык аҵаҩцәа, 18-ҩык араӡны медалқәа ранашьахеит, 27-ҩык аџьаз медалқәа ранашьахеит.

Иазхаша абаллқәа змауз, аха апрофильтә маҭәарқәа рзы адыррақәа рыҩаӡара ҳаракы аазырԥшыз 101-ҩык аолимпиада алахәылацәа актәи акурс рахыԥхьаӡаларазы абжьгара ҟаҵоуп.

Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырахь амҩа – 2026» аихшьаалақәа рыла ҳтәыла ашколқәа роушьҭымҭацәа 169-ҩык адкыларатә ԥышәарақәа рыда Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи акурс ахыԥхьаӡаларазы абжьгара ҟаҵоуп», - лҳәеит ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Инга Аӡынба.


Read 47 times