Print this page
30.Рашәара.2026

Асахьаркыратә гимнастиказы аицлабра «Ахәыҷра ашәыгақәа» хацыркхеит Аҟәа

Н. Курченко ихьӡ зху апарк аҟны иҟоу ареспубликатә хәыҷтәы‑қәыԥштә спорттә школ аҿы Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи агимнастка қәыԥшцәа еизызгаз аицлабра «Ахәыҷра ашәыгақәа» официалла аартра мҩаԥысит.

Аҟәа ахәыҷтәы‑қәыԥштә спорттә школ №1 азыҟаҵаҩ Татиана Боциева иазгәалҭеит аицлабра жәларбжьаратәи астатус шамоу.

«Атурнир "Ахәыҷра ашәыгақәа" ҩынтәуп Аҟәа имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа иара аҳҭнықалақь 2510 шықәса ахыҵра иазкуп. Аԥснытәи аспортсменкацәа рыдагьы аицлабрақәа раԥхьаӡа акәны ирылахәуп Аахыҵ Уаԥстәылантәи агимнасткацәа. Иара убасгьы иааит Урыстәылантәи аалахәылацәа(Краснодартәи атәылаҿацә, Сыктывкар, Москва, Санкт-Петербург рҟынтәи)», – лҳәеит лара.

Аицлабрақәа ирылахәуп 90-ҩык агимнасткацәа. Урҭ еиуеиԥшым азыҟаҵара аҩаӡара змоу акатегориақәа рыла еихыршоит: агәыԥқәа «А», «В», «С», иара убас «азеиԥш зыҟаҵара» – шықәсык еиҳамкәа асахьаркыратә гимнастика знапы алаку, зегь реиҳа иқәыԥшу алахәылацәа. Аспортсменкацәа рықәра-4,5 шықәса инаркны 14 шықәса рҟынӡа инаӡоит.

Аусмҩаԥгатә асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынба, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе, ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аус зуа аҳәса» анапхгаҩы Иулиа Гәымба уб.


Read 50 times