Print this page
вчера 2:12

Аԥхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьтрахь-2026» еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи 225-ҩык алахәылацәа еизнагоит

Ԥхынгәымзазы арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы имҩаԥнагоит аҿар аԥхынтәи рлагер «Ахьышьтрахь-2026». Апроект х-етапкны имҩаԥгахоит, еиднакылоит Ҭырқәтәылеи, Иорданиеи, Германиеи, Нхыҵ Кавказ арегионқәеи, Аԥсни рҟынтәи 225-ҩык ҳџьынџьуаа ҿарацәа. Алагер актәи аетап мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 1-9 рзы.

Алахәылацәа рзы иазырхиоуп игәылҭәаау аҵаратәи акультуратәи программа. Аҿар Аԥсны аҭоурых рзеиҭарҳәоит. Иаҭаауеит Аҟәа, Афон Ҿыц, Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк, Гәдоуҭтәи, Очамчыратәи, Галтәи араионқәа, рхы аладырхәуеит аԥсуа бызшәеи, амилаҭтә культуреи, атрадициатә чыси, амузыкеи, жәлар рнапҟазареи рзы амастер-классқәа.

Апрограммаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥыларақәа, Аԥсны аҭоурых аҿы ихадоу ахҭысқәа ирызку амузеиқәеи, агәалашәаратә ҭыԥқәеи, амемориалқәеи рҭаара.

Апроект хықәкы хадас иамоуп аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ҿарацәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ҩныҵҟала дырбара, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа реимадара арӷәӷәара, иара убас аԥсуа бызшәеи, акультуреи, амилаҭтә традициақәеи реиқәырхара.


Read 21 times