Ақалақь амш ашьақәыргылареи аофициалтә символика ашьақәырӷәӷәареи рзы аԥшьгара ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион ахада Асҭамыр Аргәын. Араионтә Еизара адепутатцәа еицҿакны уи иҟаиҵаз ажәалагалақәа ирыдгылеит.
Асҭамыр Аргәын адепутатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы. Иара иажәақәа рыла, ирыдыркылаз аӡбамҭақәа Гәдоуҭа араион атуристтәи аекономикатәи ҿиареи иацхраауеит.
