Сынтәа аҳамҭақәа ранашьахеит ф-ҭаацәарак:
Евгени Михаил-иԥеи Раиса Антон-иԥҳаи Абраменковаа — 62 шықәса ҵуеит аҭаацәара иалоуижьҭеи;
Виачеслав Анатоли-иԥеи Лиудмила Александр-иԥҳаи Хорошихаа — 56 шықәса;
Заур Даҭикәа-иԥа Ҭырқьбеи Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиеи — 47 шықәса;
Анатоли Иван-иԥа Марколиеи Кама Рушьни-иԥҳа Џьопуеи — 46 шықәса;
Андраник Едуард-иԥа Иумуклиани Гарине Андроник-иԥҳа Чепниани — 38 шықәса;
Џьамбул Владимир-иԥа Жорданиеи Анна Размик-иԥҳа Гиурегиани— 29 шықәса.
«Абзиабареи гәыкала азыҟазаареи рзы» амедалқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысуеит Аԥсны 2010 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны аҳамҭақәа ранашьан 68 ҭаацәараа, урҭ акыр шықәса инеиԥынкыланы аҭаацәаратә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәеи, наҟ-ааҟтәи абзиабареи, апатуқәҵареи еиқәдырхоит.
