Print this page
вчера 20:54

Атуристтә усхк аҿиара актуалтә зҵаарақәа ирызкын Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аусуратә еилацәажәара

Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа атуристтә џьармыкьаҿы иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит.  Иара далацәажәеит атуристтә џьармыкьаҿы аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аҭагылазаашьа  аҷыдарақәа ртәы.

Аилацәажәара алахәылацәа инҭырҳәцааны ирыхәаԥшит Апарламент адепутатцәеи анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи иқәдыргылаз аԥшьгарақәеи ажәалагалақәеи жәпакы.

Аилацәажәара алахәылацәа атуристцәа рхыԥхьаӡара  аизҳареи акурорттә сезон иамҽханакуа аамҭа арҭбаареи ирзырхоу асистематә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара  шхымԥадатәиу азгәарҭеит.

Аиԥылара аихшьаалақәа рыла иӡбан

ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара иазырхоу ажәалагалақәа рышьақәыргылара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аекономикаҿы ииашоу аиндаҭлара амеханизм ашьақәыргылара.

Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, Аԥсны ахада иабжьгаҩ Ахра Арсҭаа, аԥыза-министр ицхырааҩ Баҭал Ҭарба, Апарламент адепутатцәа Ерик Рштуни Инар Гыцбеи, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, аминистр ихаҭыԥуаҩ Даҭо Қаџьаиа, аминистрцәа реилазаара аппарат аекономика аусбарҭа аиҳабы Давид Арӡынба.


Read 209 times