Print this page
вчера 9:19

Азинҷыда змоу аинвестициатә кредит аҭара апрограмма анагӡара иалацәажәеит Гәылрыԥшь араион аҿы

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аделегациа Гәылрыԥшь араион иаҭааит азинҷыда змоу аинвестициатә кредит аҭара апрограмма анагӡара иазку анҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа иҭагӡаны.

Урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Ливтина Ажьиба, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.

Аиԥылара алахәылацәа азинҷыдатә кредит аҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥаразоужьразы инагӡахо, мамзаргьы иазԥхьагәаҭоу аинвестициатә проектқәа ирылацәажәеит.

Еиҳа иубарҭоу апроектқәа ируакхеит акосмостә тематикала иҟаҵоу акоттеџьқәа рыргылара азԥхьагәазҭо атуристтә комплекс «Галактика».

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аинвестициатә аԥшьгарақәа рынагӡара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, Гәылрыԥшь араион асоциал-економикатә ҿиаразы урҭ рҵакы, иара убас азинҷыда змоу  аинвестициатә кредит аҭара апрограмма иазԥхьагәанаҭо аҳәынҭқарратә дгылара амеханизмқәа.


Read 74 times