Print this page
вчера 9:15

Лыхны ақыҭан ауараши иџьбарам арыжәтәқәеи ахьҭрыжьуа азауад ҿыц аадыртуеит

Зымҽхак ҭбаау аинвестициатә проект нагӡахоит урыстәылатәи абанк ВТБ афинанстә цхыраарала, азинҷыдатә кредит аҭара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҭыԥ аҿы аргыларатә усурақәа хыркәшоуп. Аспециалистцәа ахыбрақәа шьаҭанкыла еиҭашьақәдыргылеит, аигәа-сигәа иҟоу аҵакыра еиҿыркааит. Азауад аҿы Урыстәыла иҭыжьу зтехнологиа ҳараку амыругақәа ықәдыргылеит.

Анаплакы ахкқәа цәыргоуп 0,5 литра иҟоу аалыҵ ацәаҳәақәа рыла:

икәеикәеиуеи имкәеикәеиуеи ауараш хкқәа (асаркьеи аҭанақьтәы банкақәеи рҿы);

алимонадқәа (асаркьеи аҭанақьтәы банкақәеи рҿы);

ачаи хьшәашәа (аҭанақьтәы банкақәеи ПЕТ-ԥаҭлыкақәеи рҿы);

аӡыржәтә (асаркьеи ПЕТ-тареи рҿы).

Асаркьатә ԥаҭлыкақәа аус рыдуларазы амыругақәа рымчхара сааҭк ала 3 000 цыра ыҟоуп, аҭанақьтәы банкақәа — сааҭк ала 3 000 цыра, ПЕТ-тара — сааҭк ала 2 000 цыра. Ауарашршратә цех азеиԥш проекттә мчхара мызкахьы 300 тонна аалыҵ аҭыжьра иазырхоуп.

Ареспублика аекономиказы акрызҵазкуа ари аобиект аргылара амҩаԥысшьа аиҳабыра ахылаԥшра ҷыда арҭоит. Ҵыԥх аԥхынразы идыргыло азауад «Кристалл» иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, урҭ азауад ҿыц алшарақәа рыхә ҳаракны иршьеит.


Read 119 times