Print this page
сегодня 11:26

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар Реизарахь иалырхуа атәылауаа рзы аҳәынҭқарратә аԥсшәеи аурыс бызшәеи рдырразы аԥҟарақәа рыԥсахра азԥхьагәазҭо Аконституциатә закәан иалеигалеит апроект

Азакәан апроект ала иарбоу анорма амчра аиуеит еихшаны.  Аԥсуа милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа рзы аҳәынҭқарратә аԥсшәеи аурыс бызшәеи рдырра иазырхоу адҵа аусура иалагоит 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны, егьырҭ амилаҭқәа ирыҵаркуа Аԥсны атәылауаа рзы — 2032 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны.

Азакәан апроект аилыркаагатә нҵамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аҳәынҭқарратә бызшәа атәыла амилаҭтә хаҿреи асуверенитети ихадоу шьаҭаны ирымоуп.

Аԥсуа бызшәа адырра хымԥадатәиуп Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭаҿы ажәлар рҿахәы зҳәо рзы.

Убри инаваргыланы адокумент аҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп аҳәынҭқарра аусура шымҩаԥнагоугьы уажәазы аҳәынҭқарратә бызшәа аҵареи аиқәырхареи рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа нагӡаны раԥҵара шзалмыршахаз.

Иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы рзы аамҭак ала абызшәатә ценз алагалара асоциалтә еибарххарақәа ахылҿиаар алшоит.

Убри инамаданы азакәан апроект маҷ-маҷ адҵа алагалара ҳаднагалоит. Ари аҩыза азнеишьа иалнаршоит аҳәынҭқарратә бызшәатә политика еишьҭаргыланы анагӡара, ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра аиқәырхара, аамҭакала Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ихадоу аинститутқәа ируакны аԥсуа бызшәа иааннакыло аҭыԥ ҷыда ашьақәырӷәӷәара.


Read 48 times