Print this page
сегодня 11:22

Гәыма ақыҭан иаадыртит 1993 шықәсазы Иультәи ажәылараан Пицундеи Лӡааи рҟынтә иҭахаз аибашьцәа ирызку абаҟа

Уи ашьақәыргылара алыршахеит Камани Шьромеи рхақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рашьцәа Адгәыр Ҳагәышьи Нодар Ҵышәбеи ирыбзоураны. Абаҟа аргылара хацлыркхьан зыҷкәыни зыԥшәмеи ҭахаз, иахьатәи амш иахаанымхаз Зинаида Папцаа.

Пицундатәи абаталион акомандаҟаҵаҩыс даман Леон иорден занашьоу Нугзар Делба. Уи ихаҭыԥуаан Геннади Ҵәыџь, Алықьса Жьиба. Абаталион комиссарс дыҟан Леон иорден занашьоу Ҭенгиз Габуниа. Абаталион ахаҭа шьақәгылан х-ротак рыла. Лӡаатәи арота дахагылан Леон иорден занашьоу Џьон Дбар. Арота еиҿкаан ақыҭақәа Лӡаа, Асыџьқәа инхоз рыла. Аҩбатәи арота шьақәгылан Пицундаа рҵеицәеи Оҭҳаратәи авзводи рыла. Арота акомандаҟаҵаҩ – данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьоу Ларик Аиба. Ахԥатәи аротаҿы еибашьуан Пицунда инхоз аурыс рԥарцәеи Алаҳаӡытәи аԥсуааи. Арота акомандаҟаҵаҩ – данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьоу Виачеслав Дбар.

Абаталион аилазаараҿы иҟан Агәымшәаразы амедал занашьоу Милор Барцыц командаҟаҵаҩыс дызмаз аԥшыхәратә взвод. Пицундатәи абаталион аибшьцәа хә-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп: Зурик Папаа, Валера Шәлымба, Ганга Қардиа, Лиалиа Ԥаразиа, Дауҭ Зарданиа. 30-ҩык иреиҳаны иранашьоуп Леон иорден, 200 – инарзынаԥшуа – Агәымшәаразы амедал. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 60-ҩык Пицунда абаталион аибашьцәа.

Иультәи ажәылараан Гәыма ақыҭан иҭахеит: Дбар Михаил, Коркьиа Анатоли, Лолуа Баҭаҟәа, Папцаа Мирод, Папцаа Едуард, Панамарчук Александр, Ҳагәышь Аслан, Ҳагәышь Владимир, Харчлаа Нугзар, Ҵышәба Валикәа, Чехьериа Заур.

Абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьцәа рҭаацәа, аветеранцәа.


Read 51 times