Print this page
сегодня 12:14

Амахҽқәа рахь сасра: азооферма аатит Гагра араион аҿы  

Азооферма «Амахҽқәа рахь сасра» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан. Аартра иалахәын Гагра араион асасцәеи ауааԥсыреи, Ахадара ахаҭарнакцәеи.

Азооферма аҵакыраҿы аҭааҩцәа ирбар рылшоит аԥстәқәа-амахҽқәа, аҽқәа, акамбашьқәа, аџьмақәа, аҽадақәа. Иара убас араҟа ицәыргоуп ашьхымзаҭрақәа.

Активла аԥсшьара абзиабаҩцәа рзы аҽқәа рыла аныҟәареи акарета ақәтәареи рзы алшара еиҿкаахоит. Азооферма аӡиа Риҵаҟа узлацо амҩаҿы иҟоуп, уи еицырдыруа туристтә хырхарҭоуп.

Уажәшьҭа Гагра араион ауааԥсыреи асасцәеи Амилаҭтә мшынҳәааӡарҭа, анаҩсгьы азоофермагьы иаҭаар рылшоит.

Асасцәа азоофермаҿы рнапы зларкыр рылшо Аԥсныпресс акорреспондент иазеиҭеиҳәеит азооферма адиректор Саид Арсҭаа.

Иара иажәақәа рыла, азооферма аҭаацәа зегьы  ргәы иақәшәо агәырҿыхагақәа рыднагалоит: ахәыҷқәа активра азонаҿы ихәмарыр ауеит, адуцәа акаҳуажәырҭаҿы рыԥсы ршьар рылшоит.


Read 38 times