Владимир Никонов ажурналистика дазхьаԥшит 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз. Аусура хациркит аԥсуа радио аҟны. Аибашьратә хҭысқәеи аблокадеи раан арадио ароль хәы амамкәа иҳаракын-уи ихадоу аинформациатә функциақәа нанагӡон. Усҟантәи аамҭазы арадиодырраҭара аблокада иҭакыз Мрагыларатәи Аԥсны ауааԥсыра рзы ииашоу ажәабжьқәа ирхыҵхырҭа хадан. Актиортә занааҭа Владимир арадиоефир аҿы даара ицхрааит. Бзиа ирбоз адиктор, амҩаԥгаҩ «Аԥсуа Левитан» ҳәа изырҳәо иалагеит.
Аибашьра ашьҭахь Владимир Никонов иусура иациҵеит журналистк иаҳасабала, аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа мҩаԥигон. 2007 шықәса рзы иара аусура диасуеит ҿыц иаԥҵаз ихьыԥшым ателеилахәыра «Абаза-ТВ» ахь. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы есыҽны имҩаԥигоз аинформациатә усура иалнаршеит арепортиор иҷыдара инарҵауланы ашьҭкаара, ареспубликаҿы иалыркаауа ажурналистцәа дыруаӡәкхеит. Ари аамҭа иалагӡаны иара иазирхиеит арепортажқәа рацәаны, урҭ зыԥсы ҭоу азнагашьеи автор хаҭала ицәаныррақәеи рыла ишьақәгылан.
Иахьатәи аамҭазы Владимир Никонов аус иуеит И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәылацәа Владимир Никонов изеиӷьаршьоит аԥсуа иқәранҵыра, агәабзиара, арҿиаратә қәҿиарақәа, аманшәалара!
