Бебиа лусумҭа ҿыц Манча Бениеи Иури Ԥкьыни ргәалашәара лаша иазкуп. Иҵаулоу аҭҵаарадыра-публицистикатә усумҭа азкуп Гагреи Пицундеи, ашьха
иаԥну ақыҭа Ԥсҳәи, иара убас ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы, Бармышь, Блабырхәа, Мгәыӡырхәа, Џьырхәа, Хәаԥ, Аацы, Анхәа, Аӡҩыбжьа, Кындыӷ, Арасаӡыхь, Гәыԥ, Баслахә, Река, Ҭхьына уҳәа руааԥсыра 1930-1940 ашықәсқәа раан изҭагылаз аџьамыӷәа цәгьа.
Ашәҟәы ианылеит имаӡаз архивтә документқәа, Арасаӡыхь ақыҭа аҭоурых иазку иуникалтәу аматериалқәа, автор иналукааша аҵарауаҩ Хәыхәыт Бганбеи лареи 1987 шықәса инаркны 1990 шықәсанӡа еизыргози, иара убас зыԥсы ҭоу амемуартә материали, Ирадион Лолуа игәалашәарақәагьы налаҵаны.
Хазы аабатәи ахаҿы автор Аԥсны Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа ирызку адыррақәа асистематизациа рзылуит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Ефрем Ешба, Николаи Ақырҭаа, Незиф Хәанелиа уҳәа егьырҭгьы.
Ашәҟәы аҭыҵра алыршахеит Бадра Зураб-иԥа Гәынбеи, Рафаель Манч-иԥа Бениеи, Лиудмила Ирадион-иԥҳа Лолуеи рфинанстә цхыраара иабзоураны.
Асахьаркыратә еиҿкаашьеи ацәа асахьеи ҭихит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.
