«Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит...» аартра амш аҽны Пиотр Востоков напхгара зиҭо аџьазтә оркестр Ду зцу аконцерттә программа ҿыц аԥхьарбара ӡыргахоит. Асцена аҟынтәи игоит Асовет аамҭа иаҵанакуа еицырдыруа ашәақәа аоригиналтә џьазтә аранжировкақәа рыла. Аконцерт адәаҿы имҩаԥгахоит, уи алагьы акыршықәсатәи атрадициа иацнаҵоит: афестиваль ашәаҳәаҩ лыԥсадгьыл аҿы ԥсахрада амҩа хацнаркуеит.
Нанҳәамза 5 рзы, Агәыбедиа ақыҭан Бедиатәи аныхабаа ашьапаҿы имҩаԥгахоит аконцерт, нанҳәамәа 8 рзы аконцерт мҩаԥгахоит Пицундатәи ауахәамаҿы. Ари ахәылԥаз лызкхоит ашәаҳәаҩцәа рабиԥара рацәаны еиҵаӡааӡахьо, Хьыбла Гьерзмаа лырҿиаратә лахьынҵаҿы ароль ҷыда назыгӡаз арҵаҩы ду Жозефина Бумбуриди лгәалашәара.
Афестиваль шьаҭаркуижьҭеи аԥсуа хәҭа аконцепциа ԥсахрада иаанхоит: аконцертқәа иҷыдоу аҭоурыхтәи адоуҳатәи ҵакы змоу аҭыԥқәеи рҿы имҩаԥгахоит, еиҳарак аҩналарҭа хәыда-ԥсадоуп. Абраҟа, Хьыбла Гьерзмаа лыдгьыл гәакьаҿы ҩажәи ԥшьба шықәса ҵуеит афестиваль амҩа иалагоижьҭеи, анаҩс амузыка абызшәала ауаа еиднакылоит.
«Сара сзы ари афестиваль зегь раԥхьаӡагьы абзиабареи аамсҭашәареи рҭоурых ауп. Сара исҭахуп амузыка аҳҭнықалақь дуқәа рҿы адагьы аҟазара ду иазку аиԥыларақәа лассы-лассы иахьымҩаԥымсуа аҭыԥқәа рҿы абжьы галарц. Убри азоуп есышықәса ҳамҩа Аԥсны изхацҳаркуа, анаҩс Урыстәылеи аҳәаанырцәи зегьы ҳрылсны атур ахь ҳазцо, ақалақь ҿыцқәеи, асцена ҿыцқәеи, азыӡырҩцәа ҿыцқәеи зааҳартуа», – лҳәоит Хьыбла Гьерзмаа.
