Иара убасгьы акомиссиа агәы иҭоуп Аҟәа Ахадарахь азыҳәара нарышьҭырц Кәыдрытәи амҩаду ахәҭак Станислав Лакоба ихьӡ ахҵазара иадҳәалоу.
Аилатәараҿы ирыхәаԥшын аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә, ипублицистикатә, илитературатә ҭынха аиқәырхареи аларҵәарки ирызку азҵаарақәа. Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла Станислав Лакоба иҩымҭақәа реизга аҭыжьра иазырхиазарц ӡбран.
Иара убас, акомиссиа алахәылацәа иналукааша аԥсуа ҵарауаа-аҭоурыхҭҵааҩцәа Олег Бӷажәбеи Станислав Лакобеи ргәалашәара иазку иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыргало аҭҵаарадырра-мемориалтә усмҩаԥгатә — Аҟәатәи аԥхьарақәа — раԥҵаразы аԥшьгара иахәаԥшит.
