Print this page
22.Нанҳәа.2026

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш иазку аквест «Одиссеия триколора» хыркәшахеит Аҟәа

Аицлабра аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааннакылеит Аԥсны КСОРС акоманда. Аиааира згаз ахраҿеи абрендтә ҳамҭеи роуит.

Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит — «Аԥсны акоманда», ахԥатәи — «Аԥсны ҿа» акоманда.

Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа аанызкылаз алахәылацәа аҳаҭыртә шәҟәқәа роуит.

Аквест алахәылацәа зегьы адипломқәа ранашьан.

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз акомандақәа еицеиҵырхит Урыстәылатәи Афедерациа абираҟ.


Read 257 times