Иҭахаз ргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
