Print this page
сегодня 20:25

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ихы алаирхәит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш аҽны Џьгьарда ақыҭан иҟоу Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аиҳабыра алахәылацәа, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рзы  Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рзы Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аиуразы илагала дууп.  Иара данхадаз аамҭазы ауп нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵаз.


Read 42 times