Print this page
сегодня 20:25

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа алахәуп XIII Жәларбжьаратәи атехнологиатә ҿиара афорум «Технопром‑2026»

Аделегациа аилазаара иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистрра  астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьамал Бганбеи Мрагылара Ааигәеи Африкеи Рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Новосибирсктәи аобласт анапхгареи егьырҭ аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәеи рыҿцәажәарақәа азԥхьагәаҭоуп. Аиԥыларақәа рхықәкы хада аԥышәа аимдара ауп.

Аԥсны аделегациа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵатә комплекс «Новосибирсктәи аекспоцентр» иаҭааит. Новосибирсктәи аобласти ҳареи ҳусеицура арҭбаара ишазҿлымҳау азгәарҭеит аҩ-ганк, аҭҵарадырратәи аинновациатәи усхкқәагьы уахь иналаҵаны.

Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аделегациа ахада Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рзы алаԥшҳәаа ҿыцқәа аанартуеит, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи алахәылаҩцәеи ҳареи ишиашоу аимадара ҳабжьаҵара алнаршоит.

Аԥсны ахаҭарнакцәа иара убасгьы рхы аладырхәит Новосибирсктәи аобласт агубернатор Андреи Травникови афорум ахь иааз аҳәаанырцәтәи аделегациақәеи реиԥылара.

Аҳәаанырцәтәи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо Травников иазгәеиҭеит арегион аҿиаразы жәларбжьаратәи адиалог аҵак ду шамоу.

Аиԥылараан имҩаԥысит Новосибирсктәи аобласт аекономикатәи атехнологиатәи потенциал аӡыргара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан IT-усхки, аҵареи, аҭҵаарадырреи рҿы аихьӡарақәа.


Read 38 times