Print this page
сегодня 20:49

Исҳаҟ Машбаш иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы Бадра Гәынба Адыгеиа ахада Мураҭ Кумпилови адыга жәлар зегьи дрыдышшылеит

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи рхы аладырхәит Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесиа, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Исҳаҟ Машбаш аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа.
Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа раан аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идышшылара даԥхьеит.
Адышшылараҿы иаҳәоит:
 
«Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа, акыр иаԥсоу ҳашьцәа адыгаа!
Аԥсны даара ихьааганы ирыдыркылеит Исҳаҟ Шумаф-иԥа Машбаш иԥсҭазаара дшалҵыз ала ажәабжь.
 
Ицеит епоха дуӡӡак. Адыга дунеи дацәыӡит зыԥсҭазаара зыжәлар гәакьеи алитературеи рымаҵ аура иазызкыз ашәҟәыҩҩы ду, апоет, ауаҩы. Адыгаа ирыцгәырҩоит аԥсуаагьы. Ҳажәлар рзы Исҳаҟ Машбаш иԥсра цәыӡ дууп, харҭәаашьа амаӡам.
Исҳаҟ Шумаф-иԥа адыга литература иналукааша хаҭарнакын, Адыгеиа Жәлар рышәҟәыҩҩын, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩын, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик иакәын. Ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп ирҿиареи акыршықәсатәи иусуреи, Аԥсны аҭоурых, акультура, ажәлар иузырҟәымҭхо иахьрыдҳәалаз.
 
Исҳаҟ Машбаш литературатә ажәала еиҭеиҳәон аҭоурых, ҳзеиԥш ҭоурыхгьы убрахь иналаҵаны, далацәажәон Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа, ртрагедиақәа, рԥышәарақәа, рдоуҳатә еиуара. Адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоу иҩымҭақәа амилаҭтә литература аҳәаақәа хараӡа ирҭыҵит, Кавказ акультуратә ҭынха ду иахәҭакхеит.
 
Ирҿиаратә лахьынҵаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылон Аԥсны. Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иҭоурыхтә рҿиамҭа «Ацынҵәарах» Исҳаҟ Машбаш игәы азҭанаҵеит ароман «Алу» аԥҵара. Абас ҩыџьа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рлитератураҿы ианыԥшит ҳажәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа реиԥшра.
 
Исхак Машбаш ишьҭахьҟа иаанижьит даҽа акыршықәса аԥхьаҩцәа ргәаҿы инхало алитературатә ҭынха ду. Уи дыргәаладыршәалоит збаҩхатәрала зыжәлар рҭоурыхтә гәалашәареи, ркультуреи, рдоуҳатә беиарақәеи реиқәырхара иашьҭаз уаҩны.
Исхак Шумаф-иԥа Машбаш игәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхырхәоит-ашәҟәыҩҩы ду, ауаҩ ҟәыӷа, Аԥсны аҩыза иаша.
 
Исҳак Шумаф-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи, аиашьаратә Адыгеиа жәлар зегьи гәалсра дула, гәык-ԥсыкала срыдышшылоит.
Ари аамҭа хьанҭазы шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩысшоит. Исҳаҟ Машбаш игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҿы иаанхоит».

Read 64 times