Print this page
01.Абҵара.2022

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРАЛШАРА АРӶӘӶӘАРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА РЗЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵақәа рыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов, шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Лизберт Порцхол-оглы алархәны, атәылахьчаралшара арӷәӷәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы анацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы атәылахьчара Аминистрра алархәны аусмҩаԥгатәқәа рсиа иалагалоу арратә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥигарц азы анапынҵа ииҭеит.


Read 428 times - Амҽыша, 06 Абҵара 2022 17:20