Ареспубликақәа рхадацәа рышьыжь алагеит аинрал Минигали Шаимуратов ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵареи Уфа аҭоурыхтә центр аҭаареи рыла. Анаҩс Ареспублика Аҩнаҿы Бадра Гәынбеи Ради Хабирови реиҿцәажәарақәа мҩаԥысит, ашьҭахь инарҭбаау аилазаараҿы аделегациақәа рлахәылацәа алархәны аиԥылара мҩаԥган.
Аԥсны ахада башкириатәи аган ҭабуп ҳәа аиҳәеит гәыблыла иахьрыдыркылаз азы, иазгәеиҭеит Башкортосҭани иареи реиҿцәажәара зеиԥш ҟамлац аҩаӡарахь ишкылсыз, алҵшәақәагьы шаанаго. Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараҿы иҟарҵаз ацхырааразы, инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи арегионқәа рымадара арӷәӷәара аҵак ду шамоу.
Ради Хабиров Башкортосҭан аԥсуа қыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира арҭбаара ишазыхиоу азы аҳәамҭа ҟаиҵеит, Бадра Гәынба дазааҭгылеит ишиашоу ицо аҳаиреимадара қәҿиарала русура атәы, уи ареисқәа асезон ашыкьымҭа анхыркәшахалак ашьҭахьгьы ишыбжьазаауа.
Башкортосҭан ахада аҭаара асимволтә ҵакы амоуп ҳәа ахиҳәааит, игәалаиршәеит уи шымҩаԥысуа Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 18 шықәса ахыҵра инақәыршәаны. Аиҿцәажәарақәа рхыркәшамҭаз Бадра Гәынба Ради Хабиров дааиԥхьеит цәыббрамза 30 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азы Аԥсны даҭаарц. Аиԥыларақәа реихшьаалақәа рыла аԥхьагылаҩцәа абрифинг еицымҩаԥыргеит.