Аганқәа аҵареи акадрқәа разыҟаҵареи русхк аҟны аусеицура аԥеиԥш иалацәажәеит. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны зегь раԥхьаӡа иргыланы ишазҿлымҳау атехникатәи анџьныртәи занааҭқәа рганахьала аҵарадырра.
Даниил Арефиев акорпорациаҿы хылаԥшра аиҭоит жәларбжьаратәи аусеицура ахырхарҭа, аҳәаанырцәтәи арҵаратә еиҿкаарақәа аус рыцура аҿиареи еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡареи уахь иналаҵаны.
«Синергиа» — 1988 шықәсазы ишьаҭаркыз Урыстәылатәи иҳәынҭқарратәым арҵаратә холдинг ду ауп. Аекосистема иалоуп «Синергиа» Ауниверситет , аколлеџь, абизнес-школ, иара убас IT, аинтернет-маркетинг русхкқәа рҿы 50 инареиҳаны аилахәырақәа. «Синергиа» ауниверситет астудентцәа рхыԥхьаӡарала Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылоит.