Print this page
сегодня 13:18

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа раан абжьыҭира ишалагаз атәы далацәажәеит

«Уажәы сыԥшәмеи сареи ҳабжьы ҳҭиит. Насгьы даара сзыргәырӷьаз-ҳара раԥхьа инеиз ҳреиуамызт ҳанындәылҵуазгьы зыбжьы зҭиирц иццакуаз ҳԥылеит. Уи иаанаго ареспублика иахьаҵанакуа имҩаԥыргоз аинформациатә усура ду алҵшәа бзиа аманы имҩаԥгоуп ҳәа ауп», — иҳәеит Гладков.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла иаартны зеиԥш ҟамлац аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара — 50.
 
«Иахьатәи абжьыҭира шымҩаԥысуа ала егьырҭ аспикерцәеи сареи адырра шәаҳҭалоит», — ҳәа ациҵеит Виачеслав Гладков.

Read 42 times