Print this page
сегодня 12:07

Бадра Гәынба: амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылара Аԥсны анапхгара аԥыжәара арҭоит

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҳәеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргылареи аҿиареи ҳазҭоу ашықәс азы атәыла анапхгара русура ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу. Абри атәы иҳәеит атәыла ахада ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы уажәтәи аусура азҵаарақәа рзы аилацәажәараҿы.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы мҽхакы ҭбаала аусура шымҩаԥысуа Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала, Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко хаҭала далархәны.
 
«Ари адгылара иабзоураны ихадоу аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа шьақәҳаргылеит, иахьа ареспубликаҿы акрызҵазкуа аинфраструктуратә проектқәа жәпакы рынагӡара иаҿуп», — ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Апроект хадақәа рхыԥхьаӡараҿы атәыла ахада Кәыдрытәи аиҩхааҿы атоннель аиҭашьақәыргылара аликааит, иагьазгәеиҭеит уаанӡа ари аргылара аҭагылазаашьа шшәарҭаз.
 
Амҩа «Ԥатраз» — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аблокада иҭакыз Тҟәарчали Очамчыра араион ахәҭаки аимадара рыбжьазҵоз ҭоурыхтә «ԥсҭазааратә мҩоуп». Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари аус ишацҵахо.
 
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭахь уназго амҩа хадеи, Џьгьарда ақыҭахь уназго амҩеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥыргахьеит. «Ԥатраз» амҩаҿы аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь Ӷәада ақыҭахь амҩа аиҭашьақәыргылара алагара азԥхьагәаҭоуп.
Ихацыркуп иара убас аинтернат ахь уназго Калдахәараҟа амҩа акаҭран ақәҵаразы аусурақәа. Афон Ҿыц ҩ-мҩак реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.
 
Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, амҩатә инфраструктура аиҭашьақәыргыларазы аплантә усурақәагьы ирылагароуп Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Гагра араионқәа рҿы, Гал араиони Аҟәа ақалақьи рҿы.
«Араионқәа зегьы ари зымҽхак ҭбаау апроект иамҽханакит. Агәра ганы сыҟоуп арҭ аусурақәа рынагӡара атәылауаа, зегь раԥхьаӡа иргыланы ақыҭақәа руааԥсыра рыԥсҭазаара акыр ишарманшәало, избанзар апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ахшыҩзышьҭра ду аҭоуп ақыҭа мҩақәа реиҭашьақәыргылара», — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.

Read 28 times