Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба еизаз Аҟәа ахақәиҭтәра амш рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, аҭынчра, аихьӡара ҿыцқәа, ҳтәыла асоциалтәи аекономикатәи ҿиараҿы ақәҿиарақәа.
Иара атурнир алахәылацәеи асасцәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Иахьа, Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ зху амҵәышәмпыл азы Ахраҿа 3х3 аатуеит. Асимволтә ҵакы амоуп цәыббрамза 27 рзы иахьымҩаԥысуа. Ари атурнир 6-тәи сезонуп, аҩынтә раан уи аҳҭнықалақь иахьаҵанакуа имҩаԥысуеит. Иара Аԥсны аҳәынҭқарра ахьынӡанаӡааӡо еиднакылоит адуцәа реиԥш ахәыҷқәагьы. Сара агәра ганы сыҟоуп ари аусмҩаԥгатә, егьырҭ ҳуснагӡатәқәа жәпакы реиԥш ҳшеиднакылало», – иҳәеит иара.
Алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи рганахьала ажәа ԥхақәагьы иҳәеит аконцерн «Росенергоатом» ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр аспорттә директор Владислав Воронин.
«Ҳара даара ҳазгәдууп ареспубликаҿы ас еиԥш аҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаараҿы ҳагәра ахьырго, еснагь гәахәарыла, бзиабарала уи аус нап аҳаркуеит. Ҳара иаадыруеит араҟа аспорттә еихьӡарақәа рыхә шыршьоз. Убри азы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ари аныҳәа иахьынӡаҳалшо илашаны имҩаԥысырц», – иҳәеит иара.
Воронин иҭабуп ҳәа реиҳәеит аицлабрақәа реиҿкаараҿы Аԥсны аиҳабыра, Аҟәа ахадара, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы, Аҟәа аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа.
«Агәра ганы сыҟоуп, аринахысгьы убри аҩыза хра злоу аусеицура ишацаҳҵо. Иҭабуп идуӡӡаны», - иҳәеит иара.
Иара убасгьы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит «Концерн Росенергоатом» анапхгаҩы Џьумбер Ткебучаа.
