Print this page
06.Жьҭаара.2026

Урыстәыла Аԥсны иарҭаз амедицинатә цхыраара ласы азы амашьынақәа атәыла амедицинатә усҳәарҭақәа рахь еихшоуп

Ацхыраара ласы азы амашьына ҿыцқәа рцаԥхақәа амедусҳәарҭақәа рҳақьым хадацәа ириҭеит агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.


Амашьынақәа нашьҭуп:
Аҟәа ақалақь ацхыраара ласы астанциахь;

Гәдоуҭа ақалақь ацхыраара ласы астанциахь;
Пицунда ақалақь ацхыраара ласы астанциахь;

Агәыӡера ацхыраара ласы астанциахь;
Очамчыра ақалақь араионтә хәышәтәырҭа хадахьы.

Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәылатәи Афедерациа иҭабуп ҳәа ахнаҳәаауеит иҟанаҵаз адгыларазы. Ацхыраара ласы амаҵзурақәа равтопарк арҿыцра Аԥсны ауааԥсыра иаалырҟьаны амедицинатә цхыраара рыҭара ахаҭабзиара аизырҳара алнаршоит.


Read 435 times - Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 14:37