Ксениа Бондаренко лысценографиа шьақәгылоуп акуб аформа змоу аподиум, аба иалху агәашьақәа, аҟәардәқәа рыла.
Аспектакль алагамҭазы аепизодқәа рҽеиҭнырыԥсахлоит алашареи амузыкеи рыцны, урҭ авидеонҵамҭа кьаҿқәа угәаладыршәоит.
Ахҭысқәа ҿиацыԥхьаӡа акубтә конструкциа аҳәаақәа ирҭыҵуеит.
Ароль хадақәа нарыгӡеит Аслан Анқәаб (сер Роберт Чилтерн), Фрида Леиба (леди Чилтерн), Иана Каҷараа (миссис Чивли), Дмитри Гәниа (алорд Горинг).
