Print this page
сегодня 11:28

Ашәҟәы «Аԥсны иазку аерман хыҵхырҭақәа (V–XIII ашә.)» актәи ахәҭа ҭыҵит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу ашәҟәҭыжьырҭа ACADEMIA аҿы

Ажәытәӡатәи аерман бызшәахьтә аиҭагеи, аԥхьажәеи, акомментариқәа азирхиеит ашәҟәы аиқәыршәаҩ-аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ аҭоурыхтә факультет Аԥсны аҭоурыхи, аетнологиеи, археологиеи ркафедра адоцент Гәырам Гәымба.

Аҭыжьымҭа актәи ахәҭаҿы ицәыргоуп V–XIII ашә.ажәытәӡатәи аерман хыҵхырҭақәа рҟынтәи Аԥсни аԥсуааи ирызку адыррақәа. Урҭ рахьтә иҟоуп раԥхьаӡа акәны аҭҵаарадырра иалагало. Ашәҟәаҿы иаагоу афрагментқәа зегьы аԥсуа жәлар рҭоурых иазку егьырҭ ахыҵхырҭақәа иргәылоу адыррақәа хадырҭәаауеит, ма ишьақәдырӷәӷәоит.

Гәымба ишазгәеиҭаз ала, атекстқәа аоригинал абызшәала ицәыргоуп, аурыс еиҭагақәеи инарҭбаау акомментариқәеи рыцуп. Иара иажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьразы аиҭагақәа разырхиараан аоригиналқәа инарҵауланы аус рыдулан.

Ашәҟәы «Аԥсны аҭоурых азы ахыҵхырҭақәа» Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум аҟны иҟоу ахыҵхырҭаҭҵааразы аҭҵаарадырратә хеилак ақәшаҳаҭхеит, уи рзырхоуп аҭоурыхҭҵааҩцәеи, арҵаҩцәеи, астудентцәеи, иара убас Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызҿлымҳау зегьы.

Ашәҟәы аҩреи аҭыжьреи мҩаԥгоуп Аҳәынҭқарратә хықәкытә ҭҵаарадырра-техникатә программа «Аԥсуаҭҵаареи Кавказҭҵаареи рактуалтә зҵаарақәа рыӡбара» аҳәаақәа ирҭагӡаны.


Read 19 times