Print this page
сегодня 14:32

X Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан ашәыгақәа» аатит ААУ аҿы

Аартра иазкыз аныҳәатә церемониа аҳәаақәа ирҭагӡаны уаанӡатәи аиԥыларақәа руак иазкыз афильм арбара мҩаԥысит. Анаҩс алахәылацәа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит уаанӡатәи апленерқәа ирылахәыз Урыстәыла Жәлар рсахьаҭыхҩы Шалуа Бедоев.

ААУ аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа иажәақәа рыла арт-пленер иалахәхоит Аԥсны, Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Пермь, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәеи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәеи.

«Апленер аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика аԥсабареи акультуреи ддырдыруеит, аҭыԥантәи атрадициақәа ирылацәажәоит.Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны иалыршахеит аҟазара афакультет аартразы ашьаҭа ашьҭаҵара. Уаанӡа ахырхарҭа апедагогикатә факультет иалан», - иҳәеит Логәуа.

2013 шықәса раахыс имҩаԥырго апроект еиҿыркаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, асахьаҭыхыҩцәа Жәларбжьаратәи реидгыла «Аԥсны-арт», Амилаҭтә галереиа. Сынтәа арт-пленер мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ицхыраарала.

Апроект ахықәкы хадақәа иреиуоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҿарацәеи астудентцәеи рзанааҭтә лаԥшҳәаа арҭбаара, егьырҭ арегионқәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа аимдара, арҿиаратә еимадарақәа рырҿиара, асахьаркыратә традициақәа реиқәырхара.

Арт-пленер апрограмма иаҵанакуеит аҭҵаарадфрра-методикатә конференциа «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи», Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәара.

Алахәылацәа русумҭақәа реихшьаалатә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 23 рзы ААУ аҩналарҭаҿы.


Read 23 times