Print this page
сегодня 13:46

Иахьа еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа (жьҭаарамза 20, 1916-цәыббрамза 22, 1995) 110 шықәса ихыҵуан

Шьалуа Денис-иԥа Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи рҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Ш.Инал-иԥа Аԥсни уи анҭыҵи инарҭбааны деицырдыруеит аԥсуаҭҵаареи Кавказҭҵаареи, аетногенези аԥсуаа ретникатә ҭоурыхи рактуалтә проблемақәа рыҭҵаара иазку ихадоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы дравторны. Аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа рахь иаҵанакуеит: «Аԥсуаа» «Аԥсуаа ретнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи», «Асаӡқәа», «Аԥсуа етикет иазку аочеркқәа» уб. иҵ. Ш. Инал-иԥа иусумҭақәа анализ ҵаулоуп, ахархәара змоу ахыҵхырҭадырратә материал хкы рацәала еилоуп.

Аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә интересқәа ирыҵаркуан абызшәадырра, алитератураҭҵаара, аетика, афольклорҭҵаара еиуеиԥшым аспектқәа, нарҭаа репосгьы убрахь иналаҵаны.

 


Read 26 times